Версия для печати

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа-ԥҳа Аԥсны жәлар рартист Софа Агәмааԥҳа лиубилеи лыдылныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа-ԥҳа Аԥсны жәлар рартист Софа Агәмааԥҳа лиубилеи лыдылныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Акыр иаҧсоу Софа Хынтрыгә-иҧҳа!
Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдасныҳәалоит шәиубилеи. 
Еицырдыруа аҧсуа артист, аҧсуа драматургиатә ҟазараҟны шәара хьтәы цәаҳәала шәышьҭа анышәҵеит. Зыҧсҭазаара зегьы аҧсуа сцена иазызкыз, шәыпрофесионалтә мҩа иалагӡаны иаҧышәҵеит 70 инареиҳаны ҟазшьала еиҧшым, хашҭра зқәым ахаҿсахьақәа, итрагедиатәу инаркны агротесктә комедиатә рҟынӡа. Инашәыгӡоз арольқәа ахәаҧшцәа ргәы иҭымҵәо иаанхеит- Кафа («Акьанџьа»), Анна Фирлинг («Ан Кураж»), Електра («Електра»), Фру Альвинг («Анаурқәа»), Асиаҭ («Ашьхаҭыҧҳа») уҳәа убас ирацәаны.
Лымкаала иазгәҳҭарц ҳҭахуп Ф. А. Искандер иҩымҭақәа рыла иаҧышәҵаз амоноспектакльқәа – «Харлампои Деспинеи», «Арбаҕь», «Инхон-инҵуан лагажәыки ҭакәажәыки», «Ажьақәеи арқьымаҭқәеи».
Аҟыбаҩ змоу ауаҩы, шәара аҟазара ганрацәала шәазнеиуеит, иаҧышәҵоит асценариақәа, шәнапы иҵыҵхьеит имаҷымкәан аиҭагақәа, иқәшәыргылоит аспектакльқәа, шәрылахәын аҧсуа фильмқәа рҭыхра. 
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны шәыбзоурала еиҿкаахеит актиортә ҟәша, уаҟа қәҿиарала зҵара хзыркәшаз актиорцәа дареи шәареи шәыхшыҩ еилаҵаны Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр амаҵ жәуеит. 
Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аманшәалара, шәнапы злаку арҿиара аус аҟны аихьӡара дуқәа. Шәрыгымзааит шәыуаажәлар, шәҭаацәа.
Ҽаанбзиала шәнеиааит!