Print this page

Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы, Урыстәыла Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла алахәыла, аскульптор Витали Џьниа иусумҭақәа рцәыргақәҵа

13 Лаҵара 2019 236

Маи 17, асааҭ 12:30 рзы Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны имҩаԥысуеит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы, Урыстәыла Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла алахәыла, аскульптор Витали Џьниа иусумҭақәа рцәыргақәҵа.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит аскульптор ииубилеи инадҳәаланы. В. Џьниа иаԥҵамҭақәа иреиуоуп Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны иҭахаз аԥсуа ҵеицәа ирызку абаҟақәа Дәрыԥшьи Аҭареи, абарельеф «Амуза» Ҷлоутәи Акультуратә ҩнаҟны, Адаԥазар ақалақь (Ҭырқәтәыла) игылоу ҭырқәтәылатәи ашәҟәыҩҩы Саид Фаиук ибаҟа.

Акыр шықәса Витали Џьниа дахагылоуп Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла, иара убас Урыстәыла Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Шәачатәи аҟәша анапхгара далоуп. Аԥсны анапхгара рыцхыраарала, Витали Џьниа илшо зегь ҟаиҵоит Нхыҵ-Кавказтәи, Украинатәи, Москватәи, Петербургтәи асахьаҭыхыҩцәеи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи рыбжьара аҟазаратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы. Иара ибзоураны имҩаԥган аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵақәа жәпакы ҳреспубликаеи анҭыҵи, иҭыжьуп аԥсуа аҿыханҵаратә ҟазара аҭоурых иазку ашәҟәқәеи акаталогқәеи.

Last modified on Maandag, 13 Лаҵара 2019 16:03