Print this page

Аҟәа амҩадуқәа руак Фазиль Искандер ихьӡ ахырҵеит

13 Лаҵара 2019 238

Аҟәа ақалақьтә еизара ирыӡбеит Март 4 ахьӡ зху амҩаду Фазиль Искандер ихьӡ ахырҵарц. Ари ажәабжь аанацҳауеит аҳҭнықалақь администрациа апресс-маҵзура.

Уи аԥхьа Фазиль Искандер ихьӡ анаунагӡатәразы аҳәынҭқарратә комиссиа ажәалагала ҟанаҵахьан Март 4 амҩаду Фазиль Искандер ихьӡ ахырҵарц, Марыхәтәи амҩаду – Март 4 ҳәа ахьӡырҵарц. Аҟәа Администрациа ахада Адгәыр Ҳаразиа ари ажәалагала дадгылеит. Изаамҭанутәи аизараҟны аҳҭнықалақь адепутатцәа бжьыҭирыла амҩадуқәа рыхьӡ аԥсахра иақәшаҳаҭхеит.