Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны «Амузеиқәа рыҵх» аалагоит асааҭ 19:00 рзы. Акциа программаҟны иҟоуп: ацәыргақәҵа «Аӡиа Риҵа», XIX–XX ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Аԥсны аҭоурых, Џьантыхәтәи аԥсыжырҭа аматериалқәа рыла ишьақәыргылоу ацәыргақәҵа.
Амузеиқәа раҭаара ари ауха зегьы рзы хәыда ԥсадоуп. Акциа алагоит асааҭ 17:00 рзы. Имҩаԥысуеит асааҭ 00:00 рҟынӡа.