Print this page

Маи 9 – Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны Аиааира амш

09 Лаҵара 2019 255

Маи 9 – Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны Аиааира амш – ихадоу ныҳәоуп Асовет ҳәынҭқарра иқәынхоз ажәларқәа зегьы рзы. Ари амш зыԥсадгьыл ахьчараз игылаз ауаа рфырхаҵареи ргәымшәареи иамшуп. Урҭ ирыбзоураноуп анацизм шаԥыху, урҭ роуп аҭынч ԥсҭазаара ҳзаазгаз. Гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит 22 Асовет ҳәынҭқарра Афырхацәа, егьырҭ 30 нызқь аибашьцәа фырхацәа, шьҭрала Аԥсны иалҵыз.

Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ирыдныҳәалоит аветеранцәеи урҭ рҭаацәери, ирзеиӷьаршьоит агәабзиара, аманшәалара, ашықәсынҵыра ду!

Last modified on Vrydag, 10 Лаҵара 2019 12:04