Print this page

«Амузеиқәа рыҵх – 2019»

06 Лаҵара 2019 248

Маи 18, Амузеиқәа жәларбжьаратәи рымш аҽны, имҩаԥысуеит акциа «Амузеиқәа рыҵх».

Уи аухы аҭааҩцәа рзы рышәқәа аадыртуеит Аҟәатәи амузеиқәа ԥшьба – Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи, Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Омар Беигәаа ихьӡ зху амузеи.

«Амузеиқәа рыҵх» – жәларбжьаратәи акультуратә акциоуп. Иаԥшьган 1999 шықәсазы Франциа. Уи аҽны амузеиқәа реиҳарак рҭаара хәыда-ԥсадоуп.  Аҿар амузеиқәа радԥхьаларзы, амузеиқәа иаздырхиоит еиуеиԥшым иформалтәым акциақәа.

Аԥсны Амузеиқәа рымш разгәаҭара иалагеит 2015 шықәса инаркны Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.

Акциа мҩаԥысует асааҭ 17:00 сааҭ инаркны 00:00 рҟынӡа. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.