Print this page

О. Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа рансамбль агәыҳалалратә концерт

26 Мшаҧы 2019 275

Апрель 25 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит О. Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа рансамбль агәыҳалалратә концерт. Аконцерт мҩаԥган афонд «Ашана» ашҟа алагала аҟаҵараз, ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәра ацхырааразы.

Акультуратә-гәыҳалалратә фонд «Ашана» Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра иҭабуп ҳәа рарҳәеит, агәыҳалалратә концерт аиҿкаара адгылара ахьарҭаз азы.

 

Last modified on Vrydag, 26 Мшаҧы 2019 11:32