Print this page

Аԥсуа театрқәа Маиҟәаԥтәи асценаҟны

26 Мшаҧы 2019 310

Апрель 22-28 рзы Адыгатәи Ареспублика аҳҭнықалақь Маиҟәаԥ имҩаԥысуеит аԥсуа-адыга жәлар ртеатрқәа рфестиваль «Кавказский меловой круг». Афестиваль рхы аладырхәит аԥсуа театрқәа: С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр.

«С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театри Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатри иалахәуп арҭ амшқәа рзы Маиҟәаԥ имҩаԥысуа атеатртә фестиваль «Кавказский меловой круг». Афестиваль иабзоураны ҳтеатрқәа ирымоуп алшара ҳахәаԥшцәа бзиа ирбаз аспектакльқәа Аԥсны анҭыҵгьы адырбара. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа раҳҳәоит адыгатәи ҳколлегацәа ари аҩыза аҭагылазаашьа ҳтеатрқәа рзы иахьаԥырҵаз азы, избанзар еиуеиԥшым атеатртә хеидкылақәа реиԥылара, аԥышәа аимадара аҟазара аизырҳара иацхраауеит», – иазгәалҭеит акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аԥсны жәлар рартист Шьалуа Гыцба, Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр Маиҟәаԥ рықәгылара ахҳәаа ҟаҵо, иҭабуп ҳәа реиҳәеит Акультура аминистрра ртеатр афестиваль иалахәхаратәы аҭагылазаашьа ахьырзаԥырҵаз, адгылара ахьрырҭаз азы.