Print this page

Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧган Алықьса Хәыта-иҧа Аргәын игәалашәаратә хәылҧазы

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧган аҟазаратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ауаажәларратә усзуҩы Алықьса Хәыта-иҧа Аргәын игәалашәаратә хәылҧазы. Уи еиҿылкааит Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиаҧҳа. Ахәылҧаз амҩаҧгара иадгылеит Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа, реиҳабы Борис Ҷолариа раҧхьа днаргыланы.
Иқәгылоз зегьы иалацәажәон аҵарауаҩ иҭҵааратә усура амҽхак шыҭбааз, иара убас ирҳәеит уи ихьӡ иахьа уажәраанӡагьы иахьынӡахәҭоу ишышьҭыхым, ишӡыргам. 
Ахәылҧаз аҿы идырбан Екатерина Бебиа лархив аҟынтә Алықьса Аргәын дызлахәыз авидеонҵамҭақәа.

Last modified on Dinsdag, 16 Мшаҧы 2019 12:30