Print this page

Апрель 18 рзы Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Рцәыргақәҵатә зал аҟны имҩаԥысуеит Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи жәларбжьаратәи рымш

15 Мшаҧы 2019 293

Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи жәларбжьаратәи рымш традициала иазгәарҭоит апрель 18, 1984 шықәса инаркны. Аныҳәа аԥҵан ИУНЕСКО аҳәаақәа ирҭагӡаны аус зуа абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи рыхьчаразы жәларбжьаратәи асовет Ассамблеиа аԥшьгарала. Сынтәа 35 шықәса ҵуеит ари аныҳәа азгәарҭоижьҭеи. Ари аныҳәа, хымԥада, азгәаҭара иаԥсоуп, избанзар уи ауаа азхьанарԥшуеит ҳкультуратә ҭынха аиқәырхареи ахьчареи рыпроблема ашҟа. Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, адунеи зегь аҟны имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аусқәа, абаҟақәеи, аҭоурыхтә комплексқәеи рыхьчара иадҳәалоу. Сынтәа раԥхьаӡакәны Акультура аминистрраҟны иҳаӡбеит ари амш иазку ацәыргақәҵа аиҿкаара. Ҳара есышықәса ҳхы рылаҳархәуеит жәларбжьара имҩаԥырго акциақәа – Амузеиқәа рымш, Абиблиоаҵх, Атеатр амш уҳәа убас егьырҭгьы.

Ацәыргақәҵа хықәкыс иамоуп Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынха зныԥшуа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, иара убас архивтә фотоҭыхымҭақәа, ахыбрақәа рмакетқәа рцәыргақәҵара. Ҳара ауаа идеилҳаркаар ҳҭаахыуп, дарбанзаалак аҭакԥхықәра шиду ҳара ҳҭынха ахьчара аус аҟны. Иахьа урҭ ҳзымхьчар, иҳашьҭанеиуа абиԥарақәа ирзаанхо афотоҭыхымҭақәеи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәеи рымацара роуп», - азгәалҭеит акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Last modified on Maandag, 15 Мшаҧы 2019 15:35