Print this page

Арда Ашәба Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы акомиссиа ахантәаҩыс далхуп

08 Мшаҧы 2019 332

Апрель 4 рзы Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрраҟны имҩаԥысит Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы акомиссиа аилатәара. Аилатәара иалахәын акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, акомиссиа алахәцәа.

Акомиссиа аиҳабы Валентин Кәаӷәаниа иазгәеиҭеит, акомиссиа аԥҵеижьҭеи хы-шықәса шҵуа. Уи акомиссиа аусура ахҳәаа азиуит. Имҩаԥган раԥхьатәи аиндаҭларақәа, иалкаан иреиӷьыз. Анаҩс В. Кәаӷәаниа аҳәара ҟаиҵеит аиҳабы иҭыԥ аҟнытә ихы дақәиҭыртәырц, иеилахара мзызс иҟаҵаны. Акомиссиа алахәцәа еилацәажәаны, еицҿакны ирыдыркылеит Арда Ашәба икандидатура, акомиссиа ахантәаҩы иаҳасаб ала. Иара убас далхын акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ – Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра агастрольтә-концерттә усура аҟәша аиҳабы Адамыр Гәынба.

Анаҩс аилатәараҟны иазыӡбан апремиа аиуразы аконкурс ҿыц шаарту ала алаҳәара ҟаҵазарц.

Last modified on Maandag, 08 Мшаҧы 2019 12:25