Print this page

Апрель 3 аҽны диит Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Гыцба Шьалуа Чыф-иԥа

03 Мшаҧы 2019 352

Иактиортә ԥсҭазаара иалагӡаны Шь. Гыцба инаигӡеит имаҷымкәа арольқәа: Смирнов (А. Чехов «Амшә»), Маркиз де Поза (Ф. Шиллер «Дон Карлос»), Дон Алонсо (Педро Кальдерон Де ла Барки «Дон Алонсо») уҳәа убас егьырҭгьы.

Иара убас актиор дыхәмархьеит асахьаркыратә фильмқәа рҟны – «Робинзон Крузо» (1972), «Амзаҿа ангыло» (1977), «Иԥшьоу ажьира асаркьал» (1982) уҳәа убас егьырҭгьы.

Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра гәык-ԥсыкала Шьалуа Чыф-иԥа Гыцба идырныҳәалоит иира амш, иизеиӷьаршьоит агәабзиара, аманшәалара, анаҩсгьы ақәҿиара дуқәа аԥсуа сценаҿ!

Last modified on Woensdag, 03 Мшаҧы 2019 15:41