Print this page

Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа Виоллетта Маанԥҳа лиубилеи лыдылныҳәалеит

26 Хәажәкыр 2019 262

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Акыр иаҧсоу Виолетта Владимир-иҧҳа!

 Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә ныҳәа – 80 шықәса шәхыҵра.

Шәыԥсаҭазаара зегьы гәыцәс иаман аԥсуа культура аизырҳара, уи арҿиара, шәара шәышқәыҧшыз инаркны шәанылеит акультура амҩахәасҭа, уи алԥха шәыманы, амаҵ азуа шәаауеит иахьа уажәраанӡа.  Инеиԥынкыланы аԥсуа сценеи акиноекрани хаҿсахьа рацәала ишәырцәажәахьеит.

Шәара аԥсуа естрада аҟны шәцәырҵит шәымрахәаганы, уи амрахәага иахылҵыз аԥхарра ҳажәлар иаразнак еицгәарҭеит, ргәы иҭымҵәо иахьа уажәраанӡа шәҟазара ҳаҭыр ақәырҵоит.

Д. Гәлиа «Анаурқәа», Шварц «Аҳәынҭқар ҟьантаз», Шиллер «Дон Карлос» У. Шеқспир «Отелло», Чехов «Х-ҩык аеҳәшьцәа», Шь. Аџьынџьал «Сара срольқәа иреиҕьу», А. Мықәба «Аламыс», Шь. Аџьынџьал «Аӡыхь абжьы» абас еиҧш иҟаз С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр иқәнаргылоз аспектакльқәа шәрылахәын. Уаҟа иаашәырԥшуаз азнеишьа ҵаула, ҳәарада, атеатр арҿиараҟны лагала бзиоуп. Шәара иахьагьы ааԥсарак ҟамҵакәа аҟазара ашҭа шәҭоуп, шәрылагылоуп аколлектив ҿа. Шәаԥхьаҟа ишәыцзааит ақәҿиара дуқәа.

Шьардаамҭа агәамч, агәабзиара, ишәзааигәоу шәҭаацәеи шәареи  шәеигымхааит!

Last modified on Dinsdag, 02 Мшаҧы 2019 09:25