Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа акультура аусзуҩцәа ирыдылныҳәалеит иааиуа 2020-тәи Ашықәс Ҿыц

30 Ԥхынкәын 2019 251

«Ҳаҭыр зқәу акультура аусуҩцәа, аҩызцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра ахьӡала гәыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп иааиуа Ашықәс Ҿыц!

Ҳазҭало Ашықәс Ҿыц ишәзаанагааит ақәҿиара ҿыцқәа. Иарбан усзаалак шәнапы злашәкуа иацзааит агәышьҭыхреи, аманшәалареи, аилибакаареи!

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара еиҿамс, агәалаҟазара бзиа, ашықәсынҵыра рацәа. Аҟазарахь ишәымоу агәаҳәара ҿымцәааит.

Ҽааныбзиала шәнеиааит!»

Last modified on Maandag, 30 Ԥхынкәын 2019 13:55