Декабр 25 асааҭ 12:00 рзы Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵатә зал хадаҟны имҩаԥысуеит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа, апремиа «Ашықәс иреиӷьу асахьаҭыхҩы» ранашьаразы. Ацәыргақәҵаҿ иӡыргахоит аҿыханҵа, аграфика, аскульптура уҳәа ажанрқәа рыла иаԥҵоу аусумҭақәа.
Апремиа «Ашықәс иреиӷьу асахьаҭыхҩы» анашьаразы ацәыргақәҵа мҩаԥыргоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрреи Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи 2002 шықәса раахыс. Хықәкыс иамоуп асахьаҭыхыҩцәа ацхыраара арыҭара, аҿыханҵатә ҟазара аҿиара, ахьыӡ ҿыцқәа раартра.