V Жәларбжьаратәи акультура афестиваль «Ауаҩы игыларҭа» апрограмма:
· Ноиабр 25 асааҭ 15:00 рзы Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Рцәыргақәҵатә зал хадаҟны имҩаԥысуеит афотоцәыргақәҵа «Фазили икәша-мыкәшеи».
· Ноиабр 25 асааҭ 19:00 рзы Ф. А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҟны имҩаԥысуеит Фазиль Искандер изку атрилогиа ахԥатәи афильм «Мышкы аԥсҭазаара, ма Фазиль Искандер» аӡыргара. Арежиссиор – Ибрагим Ҷкадуа.
· Ноиабр 26 асааҭ 16:00 рзы Аҟәатәи Аҿар рыҩнаҟны имҩаԥысуеит Фазиль Искандер иҩымҭақәа рыла ахәыҷқәа рсахьаҭыхымҭақәа есышықәсатәи рконкурс «Аҳатәы шәырӡы».
· Ноиабр 26 асааҭ 12:00 рзы Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы афестиваль алахәылацәеи Аҟәатәи Аҿар рыҩни аевкалипт ҵлақәа еиҭарҳауеит.