Print this page

Аҟәатәи астадион «Динамо» аҿы имҩаԥысуеит амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…»

14 Жьҭаара 2019 300

Октиабр 20, асааҭ 20:00 рзы Аҟәатәи астадион «Динамо» аҿы имҩаԥысуеит XVII Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…».

«Исызгәакьоу сыжәлар! Гәык-ԥсыкала шәаасыԥхьоит октиабр 20 рзы Аҟәатәи астадион аҿы имҩаԥысуа амузыкатә ныҳәа XVIIаклассикатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…» ашҟа. Сара исҷыдангьы сынтәа уи афестиваль иалахәуп адунеиаҿ еицырдыруа аҟазацәа – ашәаҳәаҩ Ельдар Абдразаков, Ҭаҭарсҭантәи асимфониатә оркестр адирижиор Алеқсандр Сладковски, насгьы еицырдыруа адирижиор Лев Конторович ихор. Исҭахуп ари афестиваль ажәлар ргәалаҟазаара шьҭызхуа ныҳәаны иҟаларц. Гәыла ишәзыҟоу,

Хьыбла Герзмаа».

Аҩналара хәыда-ԥсадоуп!