Print this page

Ельвира Арсалиаԥҳа Едуард Нанба ииубилеи идылныҳәалеит

10 Жьҭаара 2019 296

Октиабр 10 рзы аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, "Ахьӡ-Аԥша" Аорден III аҩаӡара занашьоу Едуард Нанба ииубилеи идылныҳәалеит. Андыҳәалараҿы иаҳәоит:

«Акыр иаԥсоу Едуард Иасон-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – 70 шықәса шәхыҵра.

Зыԥсҭазаара аҟазара иазызкыз аԥсуа профессионалтә шәаҳәаҩы, шәара шәреиуоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль иреиӷьу ахкынагӡаҩцәа. Акыр шықәса имҩашьо шәыбжьы ҿацала асцена иқәыҩуан аԥсуа жәлар рашәақәа. Имаҷым шәылшарақәа аԥсуа шәаҳәаратә традициақәа ажәлар рыларҵәаразы ҳтәылеи, иара убас аҳәаанырцәи. Уи акыр аҵанакуеит ҳаԥсуа культура аӡыргараҟны.

Аҟазара анаҩсгьы, шәара активла шәалахәуп ҳтәыла ауаажәларратә ԥсҭазаара. Акыр шықәса Краснодартәи аҿацә аҟны Аԥсны ахаҭарнакс шәыҟан, иара убас аамҭакала напхгара азыжәуан Краснодар иаԥҵаз акультуратә центр «Аԥсны». Уи хықәкыс иаман аԥсуа культура Аԥсны анҭыҵ аӡыргара, ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи аимадара ҳабжьаҵара.

Шәылшарақәа зегь азгәаҭо, иахьатәи шәымшныҳәа аҽны ишәзеиӷьасшьар сҭахәуп агәабзиара, агәамч, аманшәалара. Шәҭаҳцәеи шәареи шәеигымхааит. Шьардаамҭа Анцәа ишәаҭәеишьааит!»