Print this page

Ансамбль «Кавказ» агастрольқәа

20 Цәыббра 2019 306

Агастрольтә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, К. Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ» Урыстәылатәи ақалақьқәа жәаба ирҭаауеит.

Ансамбль актәи аконцерт мҩаԥысит Воронеж ақалақь сентиабр 18 аҽны. Иара убас аԥсуа ансамбль ықәгылараны иҟоуп ақалақьқәа Мурманск, Курчатов, Иасногорск, Екатеринбург рҟны.

Аконцерттә программа шьақәгылоуп 12 номер рыла – аԥсуа кәашарақәеи, иара убас нхыҵ кавказтәи ажәларқәа рыкәашарақәеи.

Last modified on Vrydag, 20 Цәыббра 2019 15:55