Сентиабр 27 асааҭ 14:00 рзы Астратегиатә ҭҵаарақәа Урыстәылатәи ринститут аҟны имҩаԥысуеит Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла риубилеи иазку аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аартра. Ацәыргақәҵаҟны идырбахоит аҿыханҵа, аграфика уҳәа егьырҭ ажанрқәа рыла иаԥҵоу аусумҭақәа.
Ацәыргақәҵаа аартхоит абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Москва, Флотскаиа амҩа, 15.