Print this page

Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы акомиссиа аилатәара мҩаҧысит

05 Цәыббра 2019 264

Цәыббрамза 5 рзы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы акомиссиа аилатәара мҩаҧысит.

Акомиссиа алахәылацәа апремиа аиуразы иқәыргылаз арҿиамҭақәа ирыхцәажәеит, иҟаҵан   алкаақәа.

Еилкаахеит апремиа аиуразы иқәыргылоу аусумҭақәа:

Валентин Кәаҕәаниа иҩымҭа «Сыкәты шкәакәа»

Геннади Аламиа ирҿиамҭа «Нарҭашәа»

       

Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку Аҳәынҭқарратә литературатә премиа аҧҵан 2015 шықәсазы.

Апремиа аҧнаҵеит Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.

Акомиссиа ахантәаҩы – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба.

Last modified on Donderdag, 05 Цәыббра 2019 15:10