2017-2019
Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21
Цәыббрамза 5 рзы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы акомиссиа аилатәара мҩаҧысит.
Акомиссиа алахәылацәа апремиа аиуразы иқәыргылаз арҿиамҭақәа ирыхцәажәеит, иҟаҵан алкаақәа.
Еилкаахеит апремиа аиуразы иқәыргылоу аусумҭақәа:
Валентин Кәаҕәаниа иҩымҭа «Сыкәты шкәакәа»
Геннади Аламиа ирҿиамҭа «Нарҭашәа»
Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку Аҳәынҭқарратә литературатә премиа аҧҵан 2015 шықәсазы.
Апремиа аҧнаҵеит Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.
Акомиссиа ахантәаҩы – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба.
Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.