Print this page

Август 26 – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьара азхаҵара амш

27 Нанҳәа 2019 296

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ирыдырныҳәалоит Аԥсны иқәынхо ауаажәлар зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьара азхаҵара амш. Август 26, 2008 шықәса – ари наунагӡа ҳҳәынҭқарра аҭоурых ианылаз рыцхәуп. Уи аҽны адунеизегьтәи аполитикатә хсаала ианылеит ихьымԥшым аҳәынҭқарра ҿыц. Ари амш ҳажәлар рыҽҳәаақәҵараз азин иасимволу мшны иҟалеит.

Аныҳәа амш аҽны гәык-ԥсыкала ҳҳәынҭқарра ҿыц, ҳауаажәлар зегьы ирзеиӷьаҳшьоит наунагӡа аҭынчра, ақәҿиарақәеи аҭышәынтәалареи ҳҳәынҭқарра ҿыц аргылараҿы!