Print this page

Нанҳәамза 16 рзы имҩаҧысит Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы акомиссиа аилатәара

16 Нанҳәа 2019 291

Нанҳәамза 16 рзы имҩаҧысит Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы акомиссиа аилатәара.

Амш азҵаара аҟны иқәгылан апремиа аиуразы акомиссиахь иаашьҭу ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рыхәаҧшра. Акомиссиа ахантәаҩы Арда Ашәба еиқәиҧхьаӡеит акомиссиахь иаашьҭу ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку аҩымҭақәеи урҭ равторцәеи.

Ажурнал «Алашара» апремиа аиуразы иқәнаргылеит Валентин Кәаҕәаниа иҩымҭа «Сыкәты шкәакәа».

И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека апремиа аиуразы иқәнаргылеит Геннади Аламиа ирҿиамҭа «Нарҭашәа». 

Д. Занҭариа ихьӡ зху ацентр анапхгара апремиа иауразы иқәнаргылеит Августина Гәымҧҳа ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку лажәабжь кьаҿқәа.

Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку Аҳәынҭқарратә литературатә премиа аҧҟара инақәыршәаны акомиссиа алахәылацәа алшара рымоуп мызкы аҵыхәала иқәыргылоу аҩымҭақәа рзын ргәаанагара аҳәара.

Last modified on Vrydag, 16 Нанҳәа 2019 15:26