Август 13 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра имҩаԥнагоит ахықәкытә программа «Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иҟоу еиҭамҵуа аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа ашәҟәы рҭагалара, 2016–2019 шш.» алҵшәақәа рӡыргара.
Аӡыргара мҩаԥгахоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара аилатәаратә зал аҟны (аҭыӡҭыԥ ақ. Аҟәа, Лакоба имҩа 21, акорпус 2, аԥшьбатәи аихагыла).
Иалагоит асааҭ 11:00 рзы.