Print this page

Ииуль 10 рзы ихыркәшахеит Т. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аҩымҭақәа рыдкылара

11 Ԥхынгәы 2019 180

Аконкурс ахь раԥҵамҭақәа наргеит ҩыџьа авторцәа – Геннади Аламиеи Валентин Кәаӷәаниеи.

Хымз ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩцәа ирыман алшара аконкурс ахь анагара 2016–2018 шықәсқәа рзы акьыԥхь збахьоу ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирзынархоу аԥсышәала иҩҩу аҩымҭақәа апоезиа, апроза, адраматургиа ажанрқәа рыла. 

Акомиссиа ахь инагоу аҩымҭақәа ирылацәажәоит, анаҩс хымз рышьҭахь иалкаахоит иреиӷьу.