Print this page

Аҧсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Сира Аҩӡԥҳа лиубилеи лыдырныҳәалеит

11 Ԥхынгәы 2019 242

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Аҧсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра гәык-ҧсыкала ишәыдырныҳәалоит шәиубилеи.

Ирацәоуп аҧсуа доуҳатә культура арҿиараҟны шәааҧсарақәа. Иахьа напхгара зышәҭо Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә акультура ҵараиурҭа ииашаҵәҟьаны аԥсуа жәлар рмилаҭтә культура еиқәзырхо хәышҭаароуп. Шәара шәҵараиурҭаҟны ауп аԥсуа жәлар рашәақәеи, рыкәашареи, жәлар ринструментқәа рарҳәареи аҿар агьама ахьыддыркуа. Еиҵашәааӡахьоу абиҧарақәа ҳмилаҭтә ҟазара ҵәатәышьаҟаны иаҵагылоуп, шәара шәоушьҭымҭацәа рылоуп иахьа ҳансамбльқәа шхаҭәаауа. Аҿар ирылашәааӡо аҟазара анаҩсгьы, шәара урҭ анык леиԥш шәырхылаԥшуеит, шәрыхӡыӡаауеит.

Шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиҕьаҳшьоит зегь раҧхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аманшәалара, шәнапы злаку аус хадаҟны ҩаԥхьагьы аихьӡара дуқәа».

Last modified on Donderdag, 11 Ԥхынгәы 2019 11:23