Print this page

Ажурнал «Аҟазара»

26 Рашәара 2019 242
Ииуль алагамҭаз иҭыҵуеит ажурнал «Аҟазара» изаамҭанутәи аномер.

Ажурнал «Аҟазара» Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра иҭнажьуеит. Иҭыҵуеит 1979 ш. раахыс, шықәсык ахь ԥшьынтә.

Ажурнал аномер ианылоит еиуеиԥшым аҟазара ахырхарҭақәа ирызку астатиақәа – асахьаҭыхра, аҿыханҵа, аскульптура, аԥсуа милаҭтә маҭәа аҭоурых, ашәаҳәара, акәашара, жәлар ринструментқәа рҭоурых ирызку астатиақәа, иара убас аҟазараҭҵааҩцәа рҩымҭақәа.

Ажурнал аҟны аҭыԥ амоуп ҳҳәынҭқарраҿ еицырдыруа ауаажәларратәи акультуратәи аусзуҩцәа ирызку ажәа. Насгьы ажурнал адаҟьақәа рҟны икьыԥхьуп аҟазара иадҳәалоу аҳәаанырцәтәи арҿиамҭақәа реиҭагақәа.

Иара убас ажурнал адаҟьақәа рҟны иӡыргоуп ҳтәылаҿы арҿиара знапы алаку арҿиаҩцәа Аҧсны анҭыҵ иаадырҧшуа аихьӡарақәа.

Ажурнал аредақтор хадас дамоуп Геннади Аламиа.

Last modified on Vrydag, 19 Ԥхынгәы 2019 12:24