Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Руслан Ҳашыг ииубилеи идырныҳәалеит

14 Рашәара 2019 249

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Акыр иаԥсоу Руслан Мкан-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи Рминистрра ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеитә ныҳәа. 

Шәара иналукааша журналиступ, Аԥсуа журналистика аихаҳараҿы шәлагала акыр иҭбаауп. Иазгәаҭатәуп, Аԥсны иуадаҩыз аамҭақәа раан, ииашоу аинформациа ҳажәлар рҟынӡа анагара шәашьҭан. Уи еиҳараӡак Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан.

Иахьа шәара напхгара ашәҭоит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла, уаҟа иаашәырԥшуа азнеишьа, аҭакԥхықәра ду ацуп. Ажурналистцәа Реидгыла имҩаԥнагоит еиуеиԥшым аиндаҭларақәа, иреиҕьу ажурналистцәа ралԥшаара, ирацәоуп уаҟагьы шәеихьӡарақәа.

Ҷыдала иазгәаҭатәуп, ажурналистика ашҟа зшьаҿа еихызго аҿар ацхыраара бзиа шрышәҭо, ишәымоу адырра иабзоураны, иҭышәантәаланы агәыҕра бзиақәа аманы иҟоуп Аԥсуа журналистика.

Ателеканал «Абаза» аҿы шәааԥсарақәа маҷӡам, уи иахьа уажәраанӡа ҳажәлар рахь аинформациа анагара ауп хықәкыс иамоу, уи аҟынгьы шәбаҩхатәра иалнаршаз рацәоуп.

Ишәзеиҕьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, шәыгәҭакқәа рынагӡараҿы Ҳазшаз дышәхылаԥшааит, ҳаԥхьаҟа иҵегь аихьӡара дуқәа.

Last modified on Vrydag, 14 Рашәара 2019 11:57