Print this page

Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль «Ерцахә» 45 шықәса ахыҵит

27 Лаҵара 2019 253

Аҧсны Аҳәынтқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль «Ерцахә» 45 шықәса ахыҵра.

Ансамбль «Ерцахә» аиубилеи азгәаҭара хҭыс дууп ҳмилаҭтә культураҟны. 45 шықәса рыҩнуҵҟала ансамбль «Ерцахә» аихьӡара бзиақәа аанарҧшит Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы. Иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иаажәгоит ҳажәлар иаҧырҵаз ашәақәа, урҭ ирыҵоу ахаара-бзаара анырреи агәалаҟазаареи рнаҭоит ҳажәлар.

Ансамбль «Ерцахә» рҟазара аарҧшра рылшахьеит Аҧсны анҭыҵгьы - Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Ҟарачы-Черқьеск, Аахыҵ-Уаҧстәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟны қәҿиарала иқәгылахьеит.

Ишәзеиӷьаҳшьоит зегь раҧхьаӡа иргыланы арҿиаратә гәеизҳара, аманшәалара, шәнапы злаку аҟазара аус аҟны ақәҿиара дуқәа!

Last modified on Woensdag, 29 Лаҵара 2019 10:20