Print this page

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист Константин Ченгьелиа

22 Лаҵара 2019 277

Иԥсҭазаара далҵит акомпозитор, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны Акомпозиторцәа Реидгыла ахантәаҩы, Аԥсны жәлар рартист Константин Антон-иԥа Ченгьелиа.

Константин Ченгьелиа диит март 27, 1931 шықәсазы Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭан. Даныхәыҷыз инаркны К. Ченгьелиа амузика дазҿлымҳан, иагьиқәҿиауан. Уи иӡбеит иԥсҭазаара зегьы амузика иадиҳәаларц.

1962 шықәсазы еиҿикаауеит ансамбль «Риҵа», уи ашьҭахь иаҧиҵоит Очамчыратәи ансамбль «Ерцахә». Иара убас 30 шықәса инареиҳаны напхгара азиуан абыргцәа рансамбль «Нарҭаа».

Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьраан Кәасҭа Ченгелиа еиҿикааз ансамбль «Аиааира» афронти арратә хәышәтәырҭақәеи рҿы 102 концерт мҩаҧнагеит. Аибашьра аамҭа иалагӡаны акомпозитор 60 инарзынаҧшуа ашәақәа иҩит. Л Тәанба иажәақәа рыла ииҩыз ашәа «Аиааира» аиааира иасимволны иҟалеит. 

Константин Антон-иԥа Ченгьелиа иԥсҭазаара алҵра ицәыӡ дууп аԥсуа культуразы, иара убас иҟазара бзиа избоз зегьы рзы.

Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит К. Ченгьелиа иуацәеи иҭынхацәеи.