Print this page

«Аиааира ашәақәа» - Москватәи ашәаҳәаҩцәа рконцерт

22 Лаҵара 2019 324

Маи 26 асааҭ 18:00 рзы В. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны имҩаԥысуеит Москватәи ашәаҳәаҩцәа рконцерт «Аиааира ашәақәа». Аконцерт азкуп 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә Еибашьру Ду аҟны Аиааира амш азгәаҭара.

Аконцерт иалахәуп урыстәылазегьтәи, иара убас жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреатцәа: ашәаҳәаҩ, акомпозитор Виачеслав Ольховски (абаритон), Москонцерт асолист Викториа Носовскаиа (асопрано), Викториа Пфистер (афортепиано).

Аконцерт еиҿнакааит Акинофестивальқәеи жәларбжьаратәи апрограммақәеи рцентр, Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхна ахьчареи рминистрреи В. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеии рыцхыраарала.

Аҩналара хәыда-ԥсадоуп!