Print this page

«Амузеиқәа рыҵх»

18 Лаҵара 2019 255

Маи 18 рзы Аԥсны имҩаԥысит акциа – «Амузеиқәа рыҵх». Акциа рхы аладырхәит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи, Д. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи, В. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Омар Беигәа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи

Амузеиқәа досу рыпрограммақәа еиқәыршәаны ирыман, иӡырган иҿыцу аекспонатқәа, имҩаԥган авикторинақәа, аконцертқәа.

«Сынтәа хәы-шықәсоуп «Амузеиқәа рыҵх» мҩаԥаҳгоижьҭеи. Акциа хықәкыс иамоуп ауаа амузеиқәа русурахь рызҿлымҳара ашьҭхра, аҿар аҭоурых ахь рхьарԥшра, акультуратә лыԥшаах ргьама дыркра. Акциа «Амузеиқәа рыҵх» иабзоураны амузеи аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәахоит. Ари амш иазкы амузеиқәа иаздырхиеит азҿлымҳара зуҭаша аекспозициақәа, абжьааԥны иузымбо. Агәеизҳара ҳанаҭоит ари амш аҽны аҭаацәа рхыԥхьаӡараҟны аҿари ахәыҷқәеи рацәаны иахьыҟоу. Агәра ҳгоит ари атрадициа наҟ-наҟгьы ишацҵахо», - иазгәалҭеит акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Last modified on Maandag, 20 Лаҵара 2019 16:35