Print this page

Амузеиқәа жәларбжьаратәи рымш

18 Лаҵара 2019 247

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра амузеи аусзуҩцәа!

Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит шәыпрофессионалтә ныҳәа – Амузеиқәа жәларбжьаратәи рымш.

Аԥсуа жәлар рҭоурыхи ркультуратә ҭынхеи рыхьчара, еиҵагыло аҿар доуҳала рааӡара, урҭ ҳажәлар рҭоурых ахь рхьарԥшра – абарҭ реиԥш иҟоу крызҵазкуа аус дуқәа Аԥсны амузеиқәа русзуҩцәа рнапы иануп, аҭакԥхықәра ду рыдуп. Инашәыгӡо шәус аҵакы ахә ҳаракны ишьо, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара еиҿамс, аманшәалара, аҿыц еихьӡарақәа шәапы злаку аус аҟны.

Last modified on Maandag, 20 Лаҵара 2019 16:33